Қырҭтәыла ианашьоу европатәи аперспективеи ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаареи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Нидерланды аҳра аҧыза-министр Марк Руттеи реиҧылараҿы.
Иракли Ҕарибашвили Марк Рутте Реикиавик имҩаҧысуа асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны диҧылан, Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла апрогресс иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла акандидат астатус анашьареи ари апроцессаҿ Нидерланды аҳра аҟынтә адгылареи аҵакы.
Иракли Ҕарибашвили Марк Рутте ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи ареформақәа русхәаҧштәи адгыларазы.
Аганқәа рхаҭарнакцәа атәылақәа рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицура иаҳа арҭбаара аперспективақәагьы ирзааҭгылеит. Иара убас, Қырҭтәылеи Нидерланды аҳреи рыбжьара аполиткиатә еизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, атәылақәа рыбжьара аполитикатә еизыҟазаашьақәа қәҿиарала аҿиара иаҿуп.