Иракли Ҕарибашвили Лиуқсембург агерцогра ду аҧыза-министр диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Лиуқсембург агерцогра ду аҧыза-министр диҧылеит

Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили,  Лиуқсембург агерцогра ду аҧыза-министр  Қсавие Бетел диҧылеит.  

Аҧыза-министр Ниу-Иорк ивизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараан хшыҩзышьҭра рызун Евроеидгылахь Қырҭтәыла аинтеграциа апроцесси, ари ахырхарҭала Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵаз ашьаҿақәеи.  Иракли Ҕарибашвили, Евроеидгыла ашьаҭакратә тәылақәа иреиу атәыла аҳасабала, Лиуқсембург адгылара аҵакы азгәаҭаны, ишиҳәаз ала, ари атәыла, европатәи аҭаацәара алалара аетапқәа зегьы рҿы Қырҭтәыла адгылара нанагӡап ҳәа дгәыҕуеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рынагӡара адинамика иалацәажәеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, абжьагарақәа рынагӡара апроцессаҿы Қырҭтәыла, Евроеидгылеи Венециатәи акомиссиеи активла аус рыцнауеит.

Иракли Ҕарибашвили Лиуқсембург аҧыза-министр изеиҭеиҳәеит аекономикатә хырхарҭала Қырҭтәыла иҟоу апрогресс иазкны. 

Аҧыза-министр Лиуқсембург агерцогра ду аҧыза-министр ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы.