Иракли Ҕарибашвили – Иҧсабаратәымкәа иаҧҵаз аҧынгылақәа зегьы раҧыхра ҳаҿуп адиаспора ахаҭарнакцәа уадаҩрада ақырҭуа паспортқәа ргара рылшарц азыҳәан
«Иҧсабаратәымкәа иаҧҵаз аҧынгылақәа зегьы раҧыхра ҳаҿуп адиаспора ахаҭарнакцәа уадаҩрада ақырҭуа паспортқәа ргара рылшарц азыҳәан», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Адиаспора амш инамаданы имҩаҧгаз афорум «Ақырҭуа диаспора Қырҭтәыла европатәи аҧеиҧш азы» аҿы данықәгылоз.
Аҧыза-министр идҵала, Аиустициа аминистрра ари ахырхарҭала аусура иалагахьеит, цәыббразы азакәанпроект апарламент иаларгалоит.
«Сара сыдҵала, Аиустициа аминистрра ари ахырхарҭала аусура иалагахьеит, цәыббразы азакәанпроект апарламент иалаагалоит, иҧсабаратәымкәа иаҧҵаз аҧынгылақәа зегьы раҧыхра ҳаҿуп, убри аҟынтә, адиаспора ахаҭарнакцәа уадаҩрада ақырҭуа паспортқәа ргара рылшоит», — иҳәеит аҧыза-министр.
Аҧыза-министр даҽа инициативакгьы цәыргигеит – адиаспора ахаҭарнакцәа ақырҭуа паспортқәа ргар рылшоит аҳәаанырцә, Қырҭтәыла ишьақәыргылоу ахәҧса ала.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла имаҷымкәа иалкаау адиаспора ахаҭарнакцәа амоуп, аҿар урҭ ирызкны ирдыруазароуп.
«Атәыла ахада адиаспора ахаҭарнакцәа ақырҭуа политикаҿы рылахәызаара аизырҳара иазку аидеиа далацәажәеит, сара иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ҳаҭыр зқәу ахада лхаҭагьы адиаспора иреиҕьу ахаҭарнакцәа дышреиу, лара Қырҭтәылаҟа дхынҳәит, атәыла ахадас далҳхит, ҳәарада, ари афактгьы асимволтә ҟазшьа амоуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.