Иракли Ҕарибашвили  - Инақәыршәаны, шықәсык аҧхьа амцабџьар ааглыхратә зауад аҧҵара аидеиа ҳалацәажәон
Иракли Ҕарибашвили - Инақәыршәаны, шықәсык аҧхьа амцабџьар ааглыхратә зауад аҧҵара аидеиа ҳалацәажәон

Қырҭтәыла НАТО астандартқәа ирышьашәалоу автоматтә бџьар  GI-4 (5.56) аҟаҵара иалагоит, – „Дельта“ абазаҿы еиҿкаау  ақырҭуа-ауриатә аилахәыра  – „Дельта сиеиеи“ аҿы НАТО астандартқәа ирышьашәалоу автоматтә амцабџьар аҟаҵара апроцесс иахьа ирбеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии,  атәылахьчара аминистр Джуаншер Бурҷулаӡеи, Арбџьармчқәа рҧыза,  аинрал-маиор Гьаргь Маҭиашвилии.

Аиҳабыра рнапхгаҩы зыӡбахәы ҳәоу азауад аҵакы далацәажәан,  ишиҳәаз ала,  автомат ахәҭақәа зегьы,  апластмассатә детальқәа нрылаҵаны,  Қырҭтәыла иҟарҵоит.

„Ҵыҧх сызлацәажәоз даҽа ускгьы нагӡоуп.  Ари азҵааразы интенсивла аус аауан,   иахьа  ишыжәбо ала,  автоматтә амцабџьар аҟаҵара ҳалагеит. Ҳара зыҩаӡара ҳараку америкатә шьақәыргыламҭақәа ааҳгеит,  уи зыҩаӡара ҳаракӡоу ҳаамҭазтәи атехнологиоуп,  автомат аҟаҵаразы иаҭаху адетальқәа зегьы аҭыҧаҿы иҟарҵоит. Иахьа ҳара,  аофициалла азауад аартны,   M4 иеиҧшу  GI-4 амцабџьар аҟаҵара ҳалагоит.  Уиа ҵакы ду амоуп.  „Дельта“-гьы,  инеизакны Атәылахьчара аминистррагьы абри аус ду алагара рыдысныҳәалоит.  Убри адагьы,  ишыжәдыруа ала,  автомат адетальҟқәа зегьы,  апластмассатә детальқәагьы нрылаҵаны,  абрааҵәҟьа,  аҭыҧаҿы иҟарҵоит. Ҳусуҩцәа,  абраҟа аус зуа ауааҧсыра зегьы атренингқәа рзымҩаҧаагеит,  уигьы аҵакы ду амоуп,  шәызынтәгьы абри крызҵазкәа аус алагара шәыдысныҳәалоит“, – иҳәеит аҧыза-министр.

Азауад аҿы иҟарҵо,  НАТО астандартқәа ирышьашәалоу автоматтә амцабџьар  GI-4 (5.56) Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа ирырҭоит, уи арратә хәҭақәа ҳаамҭазтәи бџьарла реиқәыршәара апроцесс иацхраауеит. Автоматтә амцабџьар  GI-4 (5.56) аҭыҧаҿы аҟаҵара апроект иалагеит Иракли Ҕарибашвили атәылахьчара аминистрс даныҟаз.

Ақырҭуа-ауриатә зауад ҿыц адунеи иреиҕьу атәылақәа рҿы иҟаҵоу ашьақәыргыламҭақәа рыла еибыҭоуп,    GI-4 (5.56) автоматтә амцабџьар атехнологиатә процесс наӡа аҭыҧаҿы имҩаҧгазаауеит. Ҳаҧхьаҟа абри азауад азкызаара иаҳа иҭбаахоит,  абраҟа еиуеиҧшым амцабџьари аксессуарқәеи рыҟаҵара иалагоит. Иара убас,  азауад аҿы еиуеиҧшым абџьар амодернизациагьы рылшоит. Ҳаҧхьаҟа абри аалыҵ аекспорт ашҟа адәықәҵара ргәы иҭоуп. Азауад аҿы аус руеит иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа қәҿиарала ирылгаз ауааҧсыра,  дара аиҭазыҟаҵара иахысхьеит.