Иракли Ҕарибашвили -  Ильхам Алиеви сареи Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәеи арегионалтә аиҭакреи ҳалацәажәеит
Иракли Ҕарибашвили -  Ильхам Алиеви сареи Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәеи арегионалтә аиҭакреи ҳалацәажәеит

Ильхам Алиеви сареи ҳаиҧылараан Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәеи арегионатәи аиҭакра аҵаки ҳалацәажәеит, — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Twitter аҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, иареи Азербаиџьан ахадеи аусеицуразы иҟоу алшара ҿыцқәа ирзааҭгылеит.

«Ҳаиҧылара алҵшәа бзиа ахылҵит. Ахада Алиеви сареи Қырҭтәылеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәеи арегионалтә аиҭакра аҵаки ҳалацәажәеит. Иара убас,  аиҿцәажәарақәа раан,  аҩ-тәылак рзы зҵакы дуу азҵаарақәеи астратегиатә партниорреи ҳазааҭгылеит. Аусеицура арҭбааразы иҟоу алшара ҿыцқәа ҳрылацәажәеит», — иҩит Иракли Ҕарибашвили.