Иракли Ҕарибашвили Иеиду аҳра апарламенттә делегациа алахәылацәа дырҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Иеиду аҳра апарламенттә делегациа алахәылацәа дырҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду аҳра апарламенттә делегациа алахәылацәа дырҧылеит, аделегациа дахагылоуп Британиа Ду апарламентаҿ Қырҭтәыла азҵаарақәа рзы аус зуа аинтерпартиатә гәыҧ ахантәаҩы Џьонатан Џьаногли.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараан Қырҭтәылеи Иеиду аҳреи рыбжьара астратегиатә партниорра ахадаратә хырхарҭақәеи наҟ-наҟ аусеицура аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәылеи Иеиду аҳреи ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы қәҿиарала аус еицыруеит. Аҵыхәтәантәи аамҭазы имҩаҧгаз зыҩаӡара ҳараку авизитқәа рылагьы иубарҭоуп атәылақәа рыбжьара зыҩаӡара ҳараку аполитикатә диалог шымҩаҧысуа.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, апарламенттә делегациа рвизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Қырҭтәылеи Иеиду аҳреи рполитикатә партниорра шыҕәҕәоу.

Аиҧылараҿы излацәажәаз азҵаарақәа иреиун  атәылаҿ аекономикатә ҭагылазаашьа. Аиҳабыра рнапхгаҩы   Џьонатан Џьаногли инарҭбааны изеиҭеиҳәеит аекономикатә азҳара атенденциа бзиа иазкны. Аиҧылараҿы, аганқәа рхаҭарнакцәа,  Қырҭтәылеи Иеиду аҳреи рыбжьара ахәаахәҭреи аекономикеи ахырхарҭала иҟоу аусеицура иаҳа арҭбаареи арҕәҕәареи ахымҧадара иалацәажәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа ашәарҭадара аганахьала арегион аҿгьы адунеи аҿгьы аҭагылазаашьеи аҳасабтәқәеи ирзааҭгылеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, уажәазы апроблемақәа шырацәоугьы, Иеиду аҳреи Қырҭтәылеи рыбжьара аусеицура аҵакы ду амоуп.

Иракли Ҕарибашвили  Џьонатан Џьаногли ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, азхаҵамра аполитика ақәныҟәареи азыҳәан.