Иракли Ҕарибашвили Иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа асаммит аартра ацеремониа ихы алаирхәит  
 Иракли Ҕарибашвили Иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа асаммит аартра ацеремониа ихы алаирхәит  

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа асаммит аартра ацеремониа ихы алаирхәит, аиҳабыра рнапхгаҩы аделегациагьы ицын. Асаммит мҩаҧысуеит ЕАР Ассамблеиа Хада аиҿккаарала, аҳәынҭқаррақәеи аиҳабырақәеи рнапхгаҩцәа рыҩаӡараҟны, 4 шықәса рахь знык. 2030 шықәсатәи амш аусхәаҧштә анрыдыркыла ашьҭахь,  Иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа асаммит аҩынтәраан имҩаҧысуеит. Раҧхьатәи асаммит мҩаҧган  2019 шықәсазы.

Асаммит аадыртит  ЕАР Ассамблеиа Хада ахада  Денис Франциски ЕАР амаӡаныҟәгаҩ хада Антонио Гутиереши.

Сынтәатәи асаммит   2030 шықәсазы Иҭышәынәталоу аҿиара ахықәкқәа русхәаҧштә абжьаратә ахәшьараҭара иазкуп. Асаммит хықәкыс иамоуп аганрацәалатә кризис амшала адунеи аҿаҧхьа ицәырҵыз апроблемақәа иазҧхьагәаҭаны, иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа рпрогресс абжьаратә ахәшьара аҭареи  2030 шықәсатәи аусхәаҧштә ирццакны анагӡара ацхраареи. Асаммит анҵәамҭазы, уи алахәылацәа аполитикатә декларациа рыдыркылоит.

Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, егьырҭ алидерцәа днарывагыланы, ауснагӡатә алахәылацәа рҿаҧхьа дықәгылоит. Адиалог темас иамазаауеит „Иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа рынагӡаразы аинтеграциатә политикеи аҳәынҭқарратә институтқәеи рырҕәҕәара“.

ЕАР ахадаратә дебатқәа рҿы аҧыза-министр адунеитә лидерцәа рҿаҧхьа дықәгылоит цәыббра 22 рзы.