Иракли Ҕарибашвили Ҳуберт Книрш иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҳуберт Қнирш иҟны аиҧырҵратә аиҧылара мҩаҧигеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи Германтәылеи реизыҟазаашьақәа ирылацәажәеит, аиҳабыра рнапхгаҩы ацҳаражәҳәаҩ аусеицуразы ҭабуп ҳәа иаҳәаны, ҳаҧхьаҟа иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Иаҵшьны иазгәаҭан ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатә форматқәа рҿы Қырҭтәылеи Германтәылеи қәҿиара русеицуреи ари ахырхарҭала ацҳаражәҳәаҩ иҟаиҵаз алагала дуи.
Аиҳабыра рнапхгаҩы германтәылатәи аган ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, атәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгыларазы.
Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, акандидат астатус аиуразы Европатәи ахеилак аҟынтә атәыла иаиуз 12 абжьагарақәа рынагӡара иалагахьеит. Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭан атәыла қәҿиарла ишынанагӡо Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи (AA) Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара иазку аиқәшаҳаҭреи (DCFTA) аусхәаҧштә анагӡара иахылҵуа алшарақәа инаӡаны рынагӡара аҵакы. Аиҧылара алахәылацәа ишазгәарҭаз ала, Қырҭтәыла Европа иазгәыку, зыгәрагара ҟало партниорс иаанхоит.