Иракли Ҕарибашвили – Ҳтәылауаа - азербаиџьанаа ааҧынратә аныҳәа ссир - Новруз баирам рыдысныҳәалоит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили атәылауаа — азербаиџьанаа Новруз баирам рыдиныҳәалеит.
Асоциалтә аҳа ала аларҵәара зауз адныҳәалараҿы Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Новруз баирам — ашықәс ҿыци аҧсҭазаара ҿыци алагара иасимволуп.
«Ҳтәылауаа – азербаиџьанаа ашықәс ҿыци аҧсҭазаара ҿыци алагара иасимволу ааҧынратә аныҳәа ссир – Новруз баирам рыдысныҳәалоит. Аҭынчреи, анасыҧи, апрогресси, мышхәыбзазареи шәзеиҕьасшьиот», — иҩит Иракли Ҕарибашвили.