Иракли Ҕарибашвили - Ҳпатриарх – ақырҭуа уахәама дхаҭарнак ҷыдоуп, иара 40 шықәса рыҩнуҵҟа ихы дамеигӡакәа, гәык-ҧсыкала ҳаҧсадгьыл амаҵ иуеит
Иахьатәи амш ауахәама мацараз акәымкәа, инеизакны Қырҭтәылазы идуӡӡоу ныҳәамшуп, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Сиони акафедралтә ныхабаа аҿы.
Сиони акафедралтә ныхабаа аҿы Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаратә аиашахаҵаратә уахәама автокефалиа аиҭашьақәыргылара амш инамаданы, Анцәа имаҵзура мҩаҧган.
Аиҳабыра рнапхагаҩы иажәақәа рыла, ақырҭуа уахәама ахаҭарнакцәа дрылукааратәы дыҟоуп Қырҭтәыла акаталикос-патриарх.
„Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амш. Уи ауахәама мацараз акәымкәа, инеизакны Қырҭтәылазы идуӡӡоу ныҳәамшуп. 104 шықәса раҧхьа, 1917 шықәса хәажәкыра 25 рзы, ақырҭуа уахәама автокефалиа еиҭашьақәыргылан. Иахьа абри амш ду иазгәаҳҭоит – ақырҭуа уахәама автокефалиа аиҭашьақәыргылара амш. Ҳара ибзианы иаадыруеит усҟан абри ахҭыс ҳтәылеи ҳажәлари рыҧсҭазааразы зеиҧшҟамлац аҵакы шамаз. Ҳара, ижәытәӡоу ақьырсиан жәлар рҳасабала, еснагь Ҳазшаз ҳимҵахырхәон. Иалкаау ҳаҧшьаҩыхадацәеи ҳдоуҳатә хаҿқәеи, ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа, ақырҭуа уахәамеи рыҧсадгьыли рымаҵ руеит. Ҳмилаҭи ҳаҧсадгьыли аамҭа цәгьа ианҭагылаз, дара еснагь, ҳаҧсадгьыл аинтересқәа аадырҧшуан. Ақырҭуа уахәама иалкаау ахаҭарнак иоуп ҳпатриарх, иара 40 шықәса еиҳаны ихы дамеигӡакәа, гәык-ҧсыкала ақырҭуа уахәамеи ҳаҧсадгьыли рымаҵ иуеит, ақырҭуа уахәамеи ҳмилаҭ рдоуҳатәреи ирҕәҕәоит. Убри аҟынтә, сара даҽазнык иазгәасҭар сҭахуп ҳпатриарх ҷыдала ҳаҭыр шиқәысҵо, иахьатәи амш идысныҳәалоит, агәабзиареи, ақәра рацәа анҵреи изеиҕьасшьоит. Синод цқьеи, аиашахаҵаратә қьырсианцәеи даҽазнык ирыдысныҳәалоит. Анцәа илҧха шәыгымзааит“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.