Иракли Ҕарибашвили – Ҳара мраҭашаратә партниорцәа рахь  изныкымкәа аҳәара  шыҟаҳҵазгьы, Анаклиатәи апроект зхы алазырхәышаз мрҭашәаратә еилахәыракгьы ҟамлеит
Иракли Ҕарибашвили – Ҳара мраҭашаратә партниорцәа рахь  изныкымкәа аҳәара  шыҟаҳҵазгьы, Анаклиатәи апроект зхы алазырхәышаз мрҭашәаратә еилахәыракгьы ҟамлеит

Хаҭала сара мраҭашәаратә ҳпартниорцәа Анаклиатәи апроект иазкны срацәажәеит, хышықәса раҧхьагьы изныкымкәа срыҳәахьан мраҭашәаратә еилахәырақәа ари апроект иаҳа иазҿлымҳахарц, аха, аиааира агеит китаитәи аилахәыра, – иҳәеит  „Ақырҭуа гәахәтәы“ ахантәаҩы Иракли Ҕарибашвили.

Иара иажәақәа рыла, Китаи  астратегиатә ҵакы змоу Анаклиа абаҕәаза апроект иазҿлымҳахеит, уи даараӡа ибзиоуп.

„Хаҭала сара мраҭашәаратә ҳпартниорцәа Анаклиатәи апроект иазкны срацәажәеит, хышықәса раҧхьагьы изныкымкәа срыҳәахьан мраҭашәаратә еилахәырақәа ари апроект иаҳа иазҿлымҳахарц, аха, аиааира агеит китаитәи аилахәыра.  Иара убас, ҳара ҳаӡбарала,  51 наӡына аҳәынҭқарра иатәуп,  аиааира згаз апартниор  49 наӡына мацароуп имоу. Алогистика закәу еилызкаауа,  ҳтәылашҟа аидара адыҧхьалара шыҟало еилызкаауа ауаа  рзы изакәызаалак зҵаарак иҟамзароуп,  уи еиҳангьы,  китаитәи аилахәыра ала Анаклиатәи абаҳәаза аргылара ҳазынтәгьы ҳақәгәырҕьароуп. Акорридор арҭбаара аус аҿы Китаи алахәызаара  аҵакы ду шамоу ҳазынтәгьы иаадыруеит.   Ҳара мраҭашаратә партниорцәа рахь  изныкымкәа аҳәара  шыҟаҳҵазгьы, Анаклиатәи апроект зхы алазырхәышаз мрҭашәаратә еилахәыракгьы ҟамлеит. Убри аҟынтә, уажәтәи  алабҿабара иазҧхьагәаҳҭеит“, –  иҳәеит Ҕарибашвили.