Иракли Ҕарибашвили - Ҳаҭырла, абзиабрала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Рамазан Баирам аныҳәамш, уи абзиареи, абзиабареи, аҧхарреи ирымшуп
Ҳаҭырла, абзиабрала ишәыдысныҳәалар сҭахуп Рамазан Баирам аныҳәамш, уи абзиареи, абзиабареи, аҧхарреи ирымшуп, – абарҭ ажәақәа рыла Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аҧсылман адоуҳатә лидерцәа Рамазан Баирам рыдиныҳәалеит.
Иракли Ҕарибашвили аҧсылман адоуҳатә лидерцәа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы дырҧылеит. Аиҧылара ихы алаирхәит Арелигиа азҵарақәа рзы аҳәынҭқарратә агентра ахантәаҩы Заза Вашаҟмаӡе.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Рамазан Баирам аныҳәамш аҧхарреи, абзиабареи, аиҷаҳареи ирымшуп. Қырҭтәыла иқәынхо аҧсылманцәеи ақьырсианцәеи, еидгыланы, абри атәы амаҵ руеит, абри аганахьала аҭоурых ду рымоуп, дара-дара рдинхаҵара ҳаҭыр ақәырҵоит.
“Иахьа аныҳәамш дууп. Шәызынтәгьы, ҳаҭыр дула, абзиабара дула Рамазан Баирам шәыдысныҳәалар сҭахуп. Абри амш абзиабареи, абзиареи, аҧхарреи ирымшуп, убри аҟынтә, сара даҽазнык, гәыкала ишәыдысныҳәалоит шәара шәзы зҵакы дуу аныҳәамш. Ишыжәдыруа ала, аковидпандемиа амшала, ҳара лассы-лассы ҳзеиҧылом, аха, еснагь абри атрадициа ҳаман, ишаҧу ала, Аҧыза-министр иаҳасабала, сара еснагь сышәҧылон, ҳзыргәамҵуа еибаҳҳәон, ҳпроблемақәа ҳрылацәажәон, азҵаарақәа зегьы ҳаӡбон, абри аформат аҿы ҳаизыҟазаашьақәа наҳагӡар сҭахуп. Ҳаҭыр зқәу Зазеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа шыбзиоу здыруеит, шәеиҩызцәоуп, саргьы абри апроцесс схы аласырхәоит, лассы-лассы сышәҧылоит. Инеизакны иуҳәозар, ҳара ҳазынтәгьы, абри атәыла иахылҵыз, ҳәынҭқаррак атәылауаа, иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит ҳтәыла иаҳа иҳарҕәҕәарцаз, насгьы, зегьы реиҳа ихадоу, ҳаҭырла, абзиабарала, ҳаизыҟазаарц азыҳәан. Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит Рамазан Баирам аныҳәамш ду“- иҳәеит Иракли Ҕарибашвили аҧсылман адоуҳатә лидерцәа данырҧылоз.