Иракли Ҕарибашвили Франциа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Франциа ацҳаражәҳәаҩ диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла иҟоу Франциа ацҳаражәҳәаҩ Диего Колас диҧылеит.

Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәеи аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.

Ишазгәаҭаз ала, Франциа – аҩызарала Қырҭтәыла иазыҟоу апартниор тәылоуп. Қырҭтәыла иҳаракны ахә ршьоит атәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи азҵаараҿы Франциа Қырҭтәыла иазаанарҧшуа адгылара.

Иаҵшьны иазгәаҭан кыршықәса рыҩныҵҟа Франциа Қырҭтәылазы идуӡӡоу жәларбжьртәи адонорцәа ишреиу Қырҭтәыла адемократиатә реформақәа рымҩаҧгареи, аинституциатә модернизациеи, атәыла асоциал-економикатә аҿиареи ахырхарҭала.

Аиҧырҵратә аиҧылараҿы аҧыза-министр, афрнацыз дипломат Қырҭтәылеи Франциеи реизыҟазаашьақәа рырҭбаараҿы иҟаиҵаз лагала ду азыҳәан ҭабуп ҳәа иаҳәаны, наҟ-наҟ иусураҿы ақәҿирқәа изеиҕьеишьеит.