Иракли Ҕарибашвили Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр  дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр дылҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Франциа адәныҟатәи аусқәа рминистр Катрин Колона дылҧылеит.

Аиҧылараҿы иалацәажәеит Қырҭтәылеи Франциеи реизыҟазаашьақәеи ҩ-ганктәи, иара убас, аганрацәалатәи форматқәа рҿы наҟ-наҟтәи аусеицура аперспективақәеи. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла иҳаракны ахә ршьоит Франциа ала Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи азхаҵареи, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рызхаҵамра аполитика ақәныҟәареи. Иаҵшьны иазгәаҭан атәылақәа рыбжьара зыҩаӡара ҳараку аиҭныҧсахларатә визитқәа рҵакы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа Евроеидгыла алалара аперспектива иаазааҭгылан, ари ахырхарҭала иаҵшьны иазгәарҭеит Франциантә  адгылара аҵакы.  Иара убас, ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәыла, европатәи апринципқәеи аинтересқәеи рықәныҟәареи, иара убас, арегионаҿ аҭынчреи ашәарҭадареи ацхраара амзызла аконструктивтә шьаҿақәа рыҟаҵареи нанагӡоит. Убри адагьы, иаҵшьны иазгәаҭан сынтәа Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара апроцессаҿ Франциантә адгылара аҵакы.