Иракли Ҕарибашвили - Фымз рыла 12,8% аекономикатә азҳара ҳамоуп, убри абзоурала, атәыла абиуџьет 1,2 миллиард лари ала аизырҳара ҳалшеит
Аекономикатә азҳара арбага ду ҳамоуп – мшаҧы азы 45% азҳара ҳаман, лаҵарамзазы 25%, рашәарамзазтәи арбагақәа инрықәыршәаны, 18,7%-тәи азҳара ҳамоуп, ҳәарада, ҳара абри зегьы даараӡа ҳаигәырҕьоит. 6 мзатәи арбага 12,8% иаҟароуп, фымз рыла ҳекономика зеиҧшҟамлац ала иазҳаит, убри абзоурала, атәыла абиуџьет 1,2 миллиард лари ала аизырҳара ҳалшеит; абиуџьет адефицит армаҷразы алшара ҳауит, сынтәа адәныҟатәи ауал аиҵатәра апроцессгьы иалагоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Афинансқәа рминистрра жәашықәсатәи аҿиара аплан аӡыргараҿы данықәгылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, адәныҟатәи ауалқәа рацәоуп, анеҩстәи ашықәсқәа рзы, абиуџьет адефицит аиҵатәра инаваргыланы, абри апроблемагьы хшыҩзышьҭра амазаауеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы аекономикатә азҳара апроцесс ахьчаразы авакцинациа иамоу аҵакы далацәажәан, ишиҳәаз ала, авакцинациеи аекономикатә азҳара дуи еидҳәалоуп.
„Иара убас, ҳтәыла аекономикатә азҳара иадҳәалоу даҽа зҵааракгьы сазааҭгылар сҭахуп. Ҳара аргама ааҳацҳаит, атәылаҿы авакцина 2 миллион еиҳаны адозақәа иҟоуп, мызкы ашьҭахь 3 миллион еиҳаны иҳамазааауеит, убри аҟынтә, еиҭах атәыла аркра иахәҭам. Ҳара абри азҵаара иӡбаны иҳамоуп. Аекономика аанаҳкылом, избанзар уи ииашахом. Авакцинациа, ишиашо, ҳтәыла аекономикатә азҳара иадҳәалоуп. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы авакцинациа апроцесс аласра ацлеит. Иацы 20 000 алаҵақәа ҟаҵан, аха уи иазхом, ҳхықәкы наҳагӡар ҳҭахызар, есымша иаҳа ирацәаны алаҵақәа ҟаҳҵалароуп. Ҳара анеҩстәи 2-3 мза рыла 3 миллионҩык алаҵақәа рзыҟаҳҵароуп, убри абзоурала, аекономикатә азҳара аласра ҳахьчар ҳалшоит, атәыла аҿиара аанаҳкылом, аханатә атәыла аркреи, ҵыҧх ҳазынтәгьы иаҳхаагаз апроблемақәа рырхынҳәреи ҳақәшәом», — иҳәеит Ҕарибашвили.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, атәыла аркра ала авирус заҵадырхом, авирус аҵархаразы мҩа заҵәык ауп иҟоу — авакцинациа. Аҧыза-министр даҽазнык ауааҧсыра дрыҳәеит алаҵақәа ҟарҵарц.
„Атәыла аркра ала авирус заҵаҳархом, аамҭала аҭагылазаашьа хәыҷык еиҕьхар ҟалап, аха, аҵыхәтәанынӡа авирус аҵархаразы мҩа заҵәык ауп иҟоу — авакцинациа. Ҳуааҧсыра даҽазнык срыҳәар сҭахуп авакцинациа апроцесс активла рхы аладырхәырц. Асоциалтә медиа, ателееилахәыра, уҳәа, еиуеиҧшым ахархәагақәа рыла аинформациа ҧаршеи аларҵәара иаҿуп, ииашам аинформациа рацәоуп. Ҳара абри ауникалтә хархәага, авакцина аҧызҵаз аҵарауаа ҳарзыӡырҩроуп. Инеизакны иуҳәозар, атәылаҿы адинамика бзиоуп. Абра абизнессектор ахаҭарнакцәа ҳалатәоуп, ргәаанагара шыбзиоу здыруеит. Ҳтәылаҿы машәырла акәӡам адинамика бзиа шыҟоу. Уи хьчатәуп, иаҳа ирҕәҕәатәуп. Аиҳабыра ирылшо зегьы ҟарҵоит амакроекономикатә арбагақәа рыхьчареи рырҕәҕәареи азыҳәан. Ахадаратә ҳасабтәс иаҳзыҟалоит адәныҟатәи ауал аиҵатәреи, абиуџьет адефицит аиҵатәреи, инеизакны абри апроцесс ахылаҧшреи, ҳара қәҿиарала абри ахықәкы наҳагӡоит“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.