Иракли Ҕарибашвили Европеи Евразиеи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ  дылҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Европеи Евразиеи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ  дылҧылеит

Америка Қырҭтәыла иазаанаҧшуа адгылареи, ҩ-тәылак рстратегиатә партниорреи, европатәи евроатлантикатәи структурақәа рахь аинтеграциеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Европеи Евразиеи азҵаарақәа рзы Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ Карен Донфриди реиҧылараҿы. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ицхырааҩ лвизит даҽазнык ишьақәнарҕәҕәоит Америка ҕәҕәала Қырҭтәыла ишадгыло, уи атәылазы аҵакы ҷыда амоуп. Иара иажәақәа рыла, Қырҭтәыла еснагь иҟан егьаанхоит арегиони уи анҭыҵи Америка иазгәыку, зегьы реиҳа зыгәра угаша апартниорс.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорра иаҳа арҕәҕәара аҵакы, лымкаала, Қырҭтәыла – Америкатә аполитикатә диалог арлахҿыхреи, иара убас, ахыхьчареи, ашәарҭадареи, ахәаахәҭра-економикеи, аинвестициақәеи рхырхарҭалагьы.

Аиҧылараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан Америка Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи, европатәи евроатлантикатәи ҽазышәарақәеи ишрыдгыло.

Аиҳабыра рнапхагаҩы иҳәамҭала, Қырҭтәыла аиҳабыреи ақырҭуа жәлари атәыла европатәи евроатлантикатәи структурақәа ралалара иазгәыкуп.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, Украина имҩаҧысуа аибашьрагьы иалацәажәеит.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит арегион аҿы аҭагылазаашьеи арегион аҿы аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәараҿы Қырҭтәыла инанагӡо ароли.

Аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнани, Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Реваз Џьавелиӡеи.