Иракли Ҕарибашвили - Европатәи аперспектива аҭакҧхықәра ду ацуп, ҳара уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит
Ахеилак аилатәараҿы инарҭбаны ҳрылацәажәеит абри амҩаҿ Қырҭтәыла ақәҿиара азаазгаш ашьҿқәа зегьы, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иареи Жозеф Боррели, Оливер Варҳеи еицымҩаҧыргаз апрессконференциа аҿы данықәгылоз.
Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз, Қырҭтәыла аҭынчреи аидгылареи ашьақәыргылара иазықәҧоит.
Абри амҩа, Қырҭтәыла ҧсабааратәла иахьаҭыҧу, европатәи адемократиақәа рҭаацәарашҟа ҳнанагоит, ҳара ҳхықәкқәеи ҳпринципқәеи еиҧшуп, аҭынчреи аидгылареи ашьақәыргылара ҳазықәҧоит. Европатәи аперспектива аҭакҧхықәра ду ацуп, ҳара уи ибзиаҵәҟьаны еилаҳкаауеит, Евроеидгылаҟны аполитикатәи, аекономикатәи, азакәанҧҵаратәи ашьшәалазаара еиқәҳаршәароуп. Европатәи ахеила аҭоурыхтә аӡбарала ахықәкытә ҧыжәарақәа ҳәаақәҵан, урҭ Қырҭәтылазы ахаадаратә ҵакы рымоуп. Ааи, Қырҭтәыла 12 абжьагарақәа рынагӡааразы аҭакҧ аҧхықәуп”, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр.
Иракли Ӷарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Украина имҩаҧысуа аибашьреи 2008 шықәсатәи Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аимак аҭынчмҩала аҭыҧқәҵара азҵаареи иалацәажәеит.
“Ишыжәдыруа ала, Қырҭтәылаҿ Урыстәылаҟны аибашьра ду ҟалеит. Убри анеҩс, ҳҵакырадгьыл 20% Урыстәыла ала импыҵахалоуп. Абри апроцесс аҿы, жәларбжьртәи азхаҵара змоу аҳәаақәа инрыҵакны Қырҭтәыла аҵакырадгьылтә акзаара адгылара аганахьала Евроеидгыла инанагӡо ароль ҧасеиҧш иахьагьы аҵакы ду амоуп. Европатәи ҳколлегацәа импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа иазкны ирзеиҭаҳҳәеит, ҳара иаҵшьны иазгәаҳҭеит Евроеидгыла амедиациала 2008 шықәса нанҳәа 12 рзы, амца аанкылара иазкны аганқәа рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра Урыстәыла ала анагӡара зеиҧшҟамлац аҵакы шамоу. Евроеидгыла Иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссар, сықәгылара анҵәамҭаз ҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп Евроеидгылаҟны қырҭәтыла ассоциациа ахеилак аилатәара амҩаҧгаразы. Ҳаидызҳәало ахықәкқәеи апринципқәеи ҳрызгәыкуп,” – иҳәеит аԥыза-министр.