Иракли Ҕарибашвили Европарламент аҿы иҟоу адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы акомитетеиҵа ахаҭарнакцәа дырҧылеит
Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭеи Европарламент аҟынтә Қырҭтәыла иамоу адгылареи иалацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Европарламент аҿы иҟоу адәныҟатәи аусқәа рзы акомитет ашәарҭадареи атәылахьчареи рзы акомитетеиҵа ахаҭарнакцәеи реиҧылараҿы. Ари атәы аанацҳаит аҧыза-министр ипрессмаҵзура.
Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Еврокомиссар Оливер Варҳеи Лиуксембург Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвили Евроеидгыла алаларазы азҵаабҕьыц ииҭеит, аусуратә гәыҧ еиҿкаауп, аиҳабыра иаҭаху зегьы ҟарҵоит хара имгакәа азҵаабҕьыц Бриуссельҟа адәықәҵаразы. Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, Евроеидгыла аинститутқәа Ассоциациатә трио ирыдгылоит Евроеидгыла алалара апроцесс аҿы, уи аҵакы ду амоуп.
Аиҧылараҿы иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгыла астратегиатә компас (Strategic Compass) аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аусеицура аҵакы. Ишазгәаҭаз ала, арегион аҿы Қырҭтәыла Евроеидгыла изықәгәыҕша партниоруп, Евроеидгылеи Қырҭтәылеи рстратегиатә диалог алҵшәа зхылҵуа платформас иаанхоит, Амшын еиқәа ахырхарҭала аусеицура аҵакы ду амоуп, атранспорттәи акоммуникациатәи аимадара арҭбаара аганахьалагьы. Хшыҩзышьҭра азун Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьеи ашәарҭадара аганахьала иҟоу аҳасабтәқәеи. Аиҳабыра рнапхгаҩы европарламентарцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит Қырҭтәыла евроинтеграциеи, ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы, иара ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра рпозициа иазгәыкуп, атәылаҿы иҟоу аимакқәа зегьы аҭынчмҩа мацарала аҭыҧ иқәҵатәуп.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Украина имҩаҧысуа аибашьра амшала арегион аҿы ашәарҭадара аганахьала еицәахаз аҭагылазаашьа иазааҭгылеит. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла аполитикатәи агуманитартәи ганахьала Украина иадгылоит.