Иракли Ҕарибашвили Европа азҵаарақәа рзы Британиа дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра аҳәынҭқарратә министр диҧылеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Европа азҵаарақәа рзы Британиа дуи Аҩадатәи Ирландиеи иеиду аҳра аҳәынҭқарратә министр Лео Доқерти диҧылеит.
Аиҳабыра радминистрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ҩ-тәылак рстратегиатә партниорреи, ҩ-ганктәии аганрацәалатәи форматқәа рҿы аусеицуреи иалацәажәеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҕәҕәара аперспективагьы иазааҭгылеит. Ари аконтекст аҿы иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Иеиду аҳреи рыбжьара ишьақәгылаз „Уордроп истратегиатә диалог“ аҵакы, уи еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы аусеицура арҕәҕәара иацхраауеит.
Хшыҩзышьҭра азун Евроеидгылашҟа алалара амзызла Қырҭтәыла акандидат астатус анашьара иазкны Еврокомиссиа иҟанаҵаз абжьагара.
Излацәажәаз азҵаарақәа иреиун арегионаҿгьы адунеиаҿгьы иҟоу аҭагылазаашьеи апроблемақәеи. Иаҵшьны иазгәаҭан Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәараҿы Қырҭтәыла инанагӡар алшо ароль ду. Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла наҟ-наҟгьы арегионаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара аус аҿы ахатә алагала аҟаҵара иазыхиоуп.
Иракли Ҕарибашвили Лео Доқерти инарҭбаау аинформациа иҭеит Қырҭтәыла имҩаҧгоу, иара убас, зымҩаҧгара иаҿу ареформақәа ирызкны, иара убас, − аҳәынҭқарратә институтқәа рырҕәҕәареи атәыла адемократиатә аҿиареи аҿы иеиду аҳра иҟанаҵаз алагала ду азыҳәан ҭабуп ҳәа иеиҳәеит.