Иракли Ҕарибашвили  Еврокомиссиа авице-ахада диҧылеит  
Иракли Ҕарибашвили  Еврокомиссиа авице-ахада диҧылеит  

Евроеидгыла алалара амзызла акандидат астатус аиуразы ихарҭәааз азҵаабҕьыци, евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла апрогресси,  имҩаҧгоу ареформақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министри Еврокомиссиа авице-ахадеи реиҧылараҿы.

Братислава,  Аглобалтә шәарҭадара афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылараан,  Иракли Ҕарибашвилии Мариш Шевчовичи  евроинтеграциа апроцесс аҿы ҳаҧхьаҟа Қырҭтәыла иҟанаҵараны иҟоу ашьаҿақәа ирылацәажәан,  иаҵшьны иазгәарҭеит ари апроцесси Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭра анагӡареи аганахьала Қырҭтәыла иҟоу апрогресс. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аиҳабыра, Ассоциациа иазу аиқәшаҳаҭреи Зхы иақәиҭу ахәаахәҭратә қәыҧшылара наӡа иазку аиқәшаҳаҭреи рыла иазҧхьагәаҭоу ареформақәа рҟынтә  45% мҩаҧыргахьеит,  ари апроцес инагӡоит.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала,  Евроеидгылашҟа аинтеграциа Қырҭтәыла аиҳабыра мацара ракәӡам изыӡбаз,  уи ақырҭуа жәлар рыӡбароуп,  ари апроцесс аҿы атәыла акомплекстә реформақәа рымҩаҧгара нанагӡоит.

Аиҧылараҿы иазааҭгылеит Украина имҩаҧысуа аибашьреи арегион ашәарҭадаразы уи иамоу анырреи.

Иара убас,  Аҧыза-министри авице-ахадеи Қырҭтәыла имыпҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы агуманитартә ҭагылазашьа цәгьа  иалацәажәеит. Иракли Ҕарибашвили даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла аиҳабыра аҭынчмҩала аимак аҭыҧқәҵара аполитика ишазгәуку.