Иракли Ҕарибашвили – Евроеидгыла азҵаабҕьыц харҭәаауп, ҳара агәыҕра бзиақәа ҳамоуп
Евроеидгыла азҵаабҕьыц харҭәаауп, ҳара агәыҕра бзиақәа ҳамоуп, ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы намысла инаҳагӡеит, ҳазлагаз ареформақәа аҵыхәанӡа инаҳгоит, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.
Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, иацы имҩаҧгаз евроинтеграциа азҵаарақәа рзы аиҳабыратә комиссиа аилатәараҿы азҵаабҕьыц аҵыхәанӡа ихарҭәаан.
«Аусбарҭақәа зегьы ибзиаҵәҟьаны аус руит, азҵаарақәа зегьы ҳрыхәаҧшит, адокумент харҭәаауп. Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ иҭаразы имазеиуп, анеҩс, адокумент Бриуссельҟа идәықәырҵоит. Ҳара агәыҕра бзиақәа ҳамоуп. Ҳхы иадаҳҵаз аҧхықәрақәа зегьы намысла инаҳагӡеит, ҳазлагаз ареформақәа аҵыхәанӡа инаҳагӡоит. Уажәшьҭа ҳара, ассоциациатә трио — Украинеи, Молдовеи, Қырҭтәылеи — азҵаабҕьыц еиццәыраагоит, ҳтәылақәа рҧеиҧш азы зҵакы дуу аӡбара ҳазыҧшуеит», — иҳәеит Ҕарибашвили.