Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла алахәыразы арзаҳал инапы аҵаиҩит
Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла алахәыразы арзаҳал инапы аҵаиҩит

Иракли Ҕарибашвили Евроеидгыла алахәыразы арзаҳал инапы аҵаиҩит.

Атәыла ауааҧсыра рахь ааҧхьара аныҟаиҵоз Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, иахьа аҭоурыхтә мшуп.

Иара иажәақәа рыла, Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара – Қырҭтәыла евроинтеграциа амҩаҿы зҵакы дуу шьаҿоуп.

«Иахьа Қырҭтәылазы аҭоурыхтә мшуп. Сара, атәыла ахьӡала,  Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа снапы аҵазҩуеит.    Евроеидгыла алаларазы азыҳәамҭа аҟаҵара – Қырҭтәыла евроинтеграциа амҩаҿы зҵакы дуу шьаҿоуп. Абри ашьаҿала   ҳтәыла аҭоурых аҿы  аетап ҿыц иалагоит. Иаку европатәи аҭаацәара алахәызаара иазкыз ҳабацәа рҽазышәара назыгӡо аетап.

Қырҭтәыла  – европатәи ҳәынҭқарроуп.  Ҳтәыла, ахатә ашәышықәсарацәалатә ҭоурых иалагӡаны, еснагь европатәи акультуреи ацивилизациеи иаҵанакәан, иахьагьы уи ахьчареи аҿиареи аҿы алагала ду ҟанаҵоит.

Қырҭтәыла аҭоурых ахақәиҭра азықәҧара ҭоурыхуп, ҳҭоурых ишьақәнарҕәҕәоит европатәи апринципқәа ақырҭуа жәлар ршьа ишалоу», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.