Иракли Ҕарибашвили Естониа ахада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Естониа ахада диҧылеит

Қырҭтәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи ҩ-тәылак реиҩызаратәи рпартниортәи еизыҟазаашьақәа ҷыдақәеи ирылацәажәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии Естониатәи ареспублика ахада Алар Кариси реиҧылараҿы. Иракли Ҕарибашвили Алар Карис ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла ахьыҧшымреи, аҵакырадгьылтә акзаареи, атәыла европатәи евроатлантикатәи интеграциеи адгыларазы. Алар Карис даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Естониа Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Иракли Ҕарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла Еврокомиссиа азҵаабҕьыц аҿҳәаранӡа ишханарҭәааз, уажәазы иашьашәалоу аӡбара ишазыҧшу. Иара ишиҳәаз ала, евроинтеграциа апроцесс аҿы Қырҭтәыла Естониантә адгылара иақәгәыҕуеит. Иара убас, аиҧылараҿы иалацәажәеит Украина имҩаҧысуа аибашьра. Иракли Ҕариабашвили даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аукраин жәлар ишрыдгыло.