Иракли Ҕарибашвили -Еицыҳаргылаз аиҩызара ацҳа ҳусеицуреи ҳаиҩызареи иахылҵыз ақәҿиара аанарҧшуеит
Иракли Ҕарибашвили -Еицыҳаргылаз аиҩызара ацҳа ҳусеицуреи ҳаиҩызареи иахылҵыз ақәҿиара аанарҧшуеит

Еицыҳаргылаз аиҩызара ацҳа ҳусеицуреи ҳаиҩызареи иахылҵыз ақәҿиара аанарҧшуеит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Қырҭтәыла-Шәамахьтәылатәи аҳәааҿы, Дебеда аӡиас аҿы, автомобилтә ацҳа ҿыц аартра ацеремониаҿы данықәгылоз. 

Иракли Ҕарибашвили  ишазгәеиҭаз ала, 160 метр аура змоу, 4 цәаҳәактәи ацҳа арегион азы аҵакы ду змоу ауникалтә проектуп. 

Салам әшымаз, акыр иаҧсоу асасцәа! Сҩызеи ҳтәыла аҩыза дуи, Шәамахьтәыла аҧыза-министр, ҳаҭыр зқәу Никол Ҧашиниан салам исҭоит, гәахәарыла Қырҭтәыла дсыдыскылоит. Ҳара ибзианы иаадыруеит ҳәтылақәа ашәышықәсарацәалатә еиҩызара шрыбжьоу. Ҳаизыҟазаашьақәа аиҩызараие аешьареи аганахьала иҿырҧшыгоуп, аха, уи адагьы, арегион зегьы мышхәыбзазареи, аҭышәынтәалареи, ашәарҭадареи, аҿиареи азы ашьаҭа ҕәҕәа аҧырҵоит.  Еицыҳаргылаз аиҩызара ацҳа ҳусеицуреи ҳаиҩызареи иахылҵыз ақәҿиара аанарҧшуеит. Ҩ-тәылак рҵакырадгьыл аҿы еицыҳаргылаз, ҳаамҭазтәи астандартқәеи апараметрқәеи ирышьашәалоу, 160 метр аура змоу, 4 цәаҳәактәи ацҳа  арегион азы зҵакы дуу ауникалтә проектуп. Ари ацҳа абзоурала, ҩынтә иаҳа ирацәаны атранспорт аҳәаа ахысра алшоит, аҩтәылак руааҧсыреи, асасцәеи,  атранзиттә автотранспорти рзы амҩатә шәарҭадара ахаҭабзиара еиҕьхоит, абри зегьы ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьақәа иаҳа рырҕәҕәара иацхраауеит,“- иҳәеит аҧыза-министр. 

Иара иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ацҳа Қырҭтәылеи Шәамахьтәылеи руааҧсыра ирыхәоит, аха, уи адагьы, Мрагылара-мраҭашәаратә жәларбжьаратәи амагистраль аҿы зҵакы дуу ацыҧҵәаха ҳасабала астратегиатә ҵакы аиуеит. 

Аиҳабыра рнапхгаҩы Аиҭашьақәыргылареи аҿиареи европатәи абанк анапхгара ҭабуп әҳа реиҳәеит ари апроект  7 миллион евро азоушьҭразы.