Иракли Ҕарибашвили – Еиҧҟьарада имҩаҧысуа арратә азыҟаҵарақәеи егьырҭ аусеицуратә механизмқәеи ишьақәдырҕәҕәоит Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорра шыҕәҕәоу
Иракли Ҕарибашвили – Еиҧҟьарада имҩаҧысуа арратә азыҟаҵарақәеи егьырҭ аусеицуратә механизмқәеи ишьақәдырҕәҕәоит Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорра шыҕәҕәоу

Еиҧҟьарада имҩаҧысуа арратә азыҟаҵарақәа Agile Spirit-и «Иаҧсоу апартниори»,  егьырҭ аусеицуратә механизмқәеи ишьақәдырҕәҕәоит Қырҭтәылеи Америкеи рстратегиатә партниорра шыҕәҕәоу, — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили амилаҭрацәаратә арратә азыҟаҵарақәа  Agile Spirit – 2021 рхыркәшара аофициалтә церемониаҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы аштат Џьорџьиа Амилаҭтә гвардиа аҧыза, аинрал-маиор Карден ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Қырҭтәыла аҭаареи Атәылахьчаратә мчқәа рыдгылареи азыҳәан.

«Сара  аштат Џьорџьиа Амилаҭтә гвардиа аҧыза, ҳҩыза, аинрал-маиор Карден даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп ивизити ҳтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рыдгылареи азыҳәан. Ҳара еснагь Америка ҳаҭабууп Қырҭтәыла адемократиатә аҿиареи ҳарбџьармчқәа рырҕәәҕареи аҿы иҟарҵо алагала ду азыҳәан. Ҳаҭыр зқәу аофицарцәа, асержантцәа, акапралцәа, асалдаҭцәа, абарҭ азыҟаҵарақәа рылахәызаара ала, шәара  шәгәырҵҟәыл иаҳа  еиҕьашәтәуеит, иаҳа шәыхиазаауеит, НАТО астандартқәа шәырзааигәахоит, уи ҳтәылеи ҳрегиони ашәарҭадара арҕәҕәара иацхраауеит.

Азыҟаҵарақәа рҽалархәразы даҽазнык ҭабуп ҳәа шәасҳәоит, шәгәахәтәы анагӡареи ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит. Анцәа дышәхылаҧшааит», — иҳәеит аҧыза-министр.