Иракли Ҕарибашвили Египеттәи араҧтәи ареспубликаҿ ивизит иалагеит
Иракли Ҕарибашвили Египеттәи араҧтәи ареспубликаҿ ивизит иалагеит

 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Египеттәи араҧтәи ареспубликаҿ ивизит иалагеит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр ипресс-маҵзура.

Шарм-ель-Шеихтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәазаҿ аҧыза-министр иҧылара ацеремониа мҩаҧган.

Аҳаирбаҕәазаҿ аҧыза-министр иҧылеит Египеттәи араҧтәи ареспублика жәларбжьаратәи аусеицуразы аминистр Раниа Аль-Машати Епипеттәи араҧтәи ареспубликаҿ иҟоу  адеспан, Қырҭтәыла аусқәа рзы аамҭалатәи ахаҭарнак Михаил Ҭигишвилии.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Иракли Ҕарибашвили аклимат аҽаҧсахра иазку ЕАР 27-тәи аконференциа адунеитә лидерцәа рсаммит ихы алаирхәоит.

Аҧыза-министр аделегациа ицуп.