Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили EBRD ахада Одиль Рено-Бассо дылҧылеит.
Аганқәа рхаҭарнакцәа Қырҭтәылеи EBRD-и рыбжьара қәҿиарала имҩаҧысуа аусеицуреи наҟ-наҟ аизыҟазаашьақәа рырҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, EBRD Қырҭтәыла ахадаратә партниорцәа иреиуп, аха, уи адагьы, ари аиҿкаара алагала ду ҟанаҵоит атәыла адемократиатә аҿиараҿы. Ишазгәаҭаз ала, EBRD зҵакы дуӡӡоу ароль нанагӡеит апандемиа ашьҭахь иҟаз ауадаҩрақәа раҧыхраҿы.
Аҧыза-министр иажәақәа рыла, иара аусеицура анагӡара дақәгәыҕуеит, избанзар, атәылазы аҧыжәара змоу асекторқәа рфинансыркра аганахьала EBRD хәы змам ацхыраара ҟанаҵоит.
Аиҭашьақәыргылареи Аҿиареи Европатәи Абанк Қырҭтәыла имҩаҧнаго 270 проектқәа ирыланаҵеит 4,9 миллиард евро еиҳаны, ари аицҵалыҵ аиҳара хазхаҭалатәи асектор иазкуп. Қырҭтәыла – EBRD зегьы реиҳа идуу ахархаҩцәа иреиуп.