Иракли Ҕарибашвили Чехиатәи ареспублика аиустициа аминистр диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Чехиатәи ареспублика аиустициа аминистр диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Чехиатәи ареспублика аиустициа аминистр Павел Блажек диҧылеит. 

Аиҳабыра радминситрациаҿы имҩаҧгаз аиҧылараҿы ҩәтылак рыбжьара адинамикатә партниорра ахадаратә хырхарҭақәа ирылацәажәеит.  

Ишазәгаҭаз ала, аҵыхәтантәи аамҭазы Қырҭтәылеи Чехиатәи ареспубликеи рыбжьара ҩганктәи авизитқәа иаҳа ирацәахеит. Аганқәа рхаҭарнакцәа ишырҳәаз ала, аусеицуреи аполитикатә диалоги арҭбаара иазыхиоуп. Иаҵшьны иазгәаҭан евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла аинституциатәи, асоциал-економикатәи трансформациеи ареформақәа рымҩаҧгареи аҿы Чехиатәи ареспублика ацхыраара аҵакы.

Аҧыза-министр Чехиатәи ареспублика аиустициа аминистр Қырҭәтыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи адгыларазы ҭабуп әҳа иаҳәаны, иаҵшьын иазгәеиҭеит  Евроеидгыла Анаҧшцәа рмиссиаҿы Чехиа алахәызаара аҵакы. 

Аганқәа рхаҭарнакцәа еввроинтеграциа апроцесс аҿы қырҭәтыла ақәҿиарақәа ирылацәажәеит. Ишазгәаҭаз ала, Қырҭәтыла европатәи аперспектива анашьара ала, Европатәи ахеилак ишьақәнарҕәҕәеит Қырҭтәыла аҧеиҧш Евроеидгыла ишадҳәалоу, зыӡбахәы ҳәоу аӡбара абзоурала,  евроеидгыла алаларанӡа қырҭтәыла иназагаша аетап ҿыц иалагеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Евроеидгыла ахеилак аханәтаҩы тәыла ҳасабала Чехиа ароли евроинтеграциа апроцессаҿ Чехиа аҟынтә адгылара аҵаки.