Иракли Ҕарибашвили Бельгиатәи аҳра аҧыза-министр ҭелла диацәажәеит
Иракли Ҕарибашвили Бельгиатәи аҳра аҧыза-министр ҭелла диацәажәеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бельгиатәи аҳра аҧыза-министр Алеқсандер де Кроо ҭелла диацәажәеит.  Аиҿцәажәара Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәыла иҟанаҵаз азыҳәамҭеи Украина имҩаҧысуа аибашьреи иазкын.  

Иракли Ӷарибшвили даҽазнык иаҵшьны иазгәеиҭеит Евроеидгыла Ахеилак аӡбара дшадгыло, уи инақәыршәаны, Еврокомиссиа иадырҵеит Евроеидгыла алаларазы Қырҭтәылеи, Украинеи, Молдовеи иҟарҵаз азыҳәамҭақәа рыҭҵаара.   Қырҭтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала,  уи абзоурала, атәыла иацҵаны амотивациа аиуеит ареформақәа рырццакразы, Қырҭтәыла ари апроцесс аҿы Бельгиатәи аҳреи жәларбжьратәи апартниорцәеи рҟынтә адгылара иақәгәыҕуеит.  

Аҭелтә аиҿцәажәараан аганқәа рхаҭарнакцәа Украина аҭагылазаашьагьы иалацәажәеит.