Иракли Ҕарибашвили - Баҭымтәи астадион Аҷара аспорттә туризм аҿиареи изҩыдоу аҧсҭазаара арҕәҕәареи иацхраауеит
Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, Аҷаратәи автономтә республика аиҳабыра рнапхгаҩы Ҭорнике Рижваӡе дицны, Баҭымтәи астадион аҿы дыҟан, уаҟа аҳаскьынтә ахҟьага ақәҵара иазкыз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧган.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Баҭымтәи астадион Аҷара аспортә туризм аҿиареи изҩыдоу аҧсҭазаара арҕәҕәареи иацхраауеит. Ашьапылампылтә стадион аҿы, аспорттә уснагӡатәқәа ирываргыланы, еиуеиҧшым акультуратә уснагӡатәқәагьы рымҩаҧгара ҟалоит. Аҧыза-министр иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу астадион 2023 шықәсазы имҩаҧысраны иҟоу УЕФА аҿартә аизгақәа рзы Европа ачемпионат афиналтә матчқәа рымҩаҧгара азин аиуит. Иара убас, ааҧынразы ари астадион аҿы Қырҭтәыла амилаҭтә лига ахәмаррақәа мҩаҧысуеит.
УЕФА 4-тәи акатегориа астандартқәа рыла иргылоу Баҭымтәи ашьапылампылтә стадион 20 000-ҩык ахәаҧшцәа рзы иазҧхьагәаҭоуп, иҿыцӡоу арлашаратәи абжьытәи системақәа рыла еибыҭоуп.