Иракли Ҕарибашвили Азиатәи Аинфраструктура аинвестициатә банк ахада Ӡин Лиқун диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Азиатәи Аинфраструктура аинвестициатә банк ахада Ӡин Лиқун диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили „Азиатәи Аинфраструктура аинвестициатә банк” ахада Ӡин Лиқун диҧылеит.

Пекин имҩаҧгаз аиҧылараҿы изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиуп Қырҭтәылеи Азиатәи Аинфраструктура аинвестициатә банки рыбжьара аусеицура аусхәаҧштә иаҵанакәа ахадаратә хырхарҭақәа.

Иракли Ҕарибашвилии Ӡин Лиқун ҭабуп ҳәа иеиҳәеит қәҿиарала аусеицуреи атәыла аинфраструктура аҿиараҿы иҟаҵоу алагала дуи азыҳәан. Аганқәа рхаҭарнакцәа аусеицура ахырхарҭа ҿыцқәа ирылацәажәеит,  урҭ рыгәҭа аенергошәарҭадареи, аенергиа иаҵәеи, зырҿыцра ҟало аенергиеи ахырхарҭақәагьы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, арегионқәа рыбжьарагьы атәыла аҩныҵҟагьы аимадара арҕәҕәара амзызла акрызҵазкәа аинфраструктуратә проектқәа нанагӡоит. Қырҭтәыла зҵакы дуу ароль нанагӡар алшоит арегионқәа рыбжьара аимадара аиҕьтәреи Европеи Азиеи рымҩахысырҭаҿы иманшәалоу аинвестициатә лагылазаара аиқәыршәареи азыҳәан.

Аҧыза-министр иажәақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу абанк аенергиа иаҵәа аҿиара иаҳа иацхраар аҭахуп, Қырҭтәыла аиҳабыра ари аҽазышәара иадгылоит.

Иракли Ҕарибашвили Ӡин Лиқун аинформациа наӡа ииҭеит аекономика аҿиара аганахьала Қырҭтәыла аиҳабыра ирымоу апрогресс иазкны, иара ишиҳәаз ала, адунеиаҿ ауадаҩрақәа шырацәоугьы, аполитика иаша абзоурала, аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыҩныҵҟа атәылаҿ ҩ-ҧхьаӡарактәи аекономикатә азҳара иҟоуп, уи аҭоурыхтә ҵакы змоу арбагоуп.