Иракли Ҕарибашвили – Азербаиџьан Қырҭтәылазы астратегиатә партниоруп
Иракли Ҕарибашвили – Азербаиџьан Қырҭтәылазы астратегиатә партниоруп

«Ҳаҭыр зқәу ахада, шәвизит сеигәырҕьеит, ҳара хазхаҭалатәи авизитқәа рымҩаҧгара атрадициа бзиа наҳагӡоит, мызқәак раҧхьа сара Азербаиџьан сыҟан, шәыргьы ҵыҧх Қырҭтәыла шәыҟан, абри аҩыза хазхаҭалатәи авизитқәа среигәырҕьоит, уи азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Азербаиџьан ахада Ильҳам Алиеви иареи еицымҩаҧыргаз абрифинг аҿы.

Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, анеҩстәи ивизит Азербаиџьан имҩаҧигоит.

«Анеҩстәи свизит мызқәак рышьҭахь имҩаҧызгар ҟалап. Ҳара аиҧылара бзиа мҩаҧаагеит, ҳстратегиатә партниорра ҳалацәажәеит.  Азербаиџьан Қырҭтәылазы астратегиатә партниоруп, аиҩызаратә ҳәынҭқарроуп, ҳара ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа аигәылареи, аешьареи, аиҩызареи ҳабжьоуп. Ҳажәларқәа реиҩызара инагӡоит, ҳаҭыр зқәу Ильҳам абри аиҩызареи аешьареи арҕәҕәара аус аҿы хәы змам алагала ҟаиҵеит», — иҳәеит Ҕарибашвили.

Азербаиџьан ахада  Ильхам Алиев иахьа аусуратә визитла Қырҭтәыла даҭааит.