Иракли  Ҕарибашвили – Ауаҩытәыҩса изинқәа  - ҳаиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу аҧыжәарақәа иреиуп
Иракли  Ҕарибашвили – Ауаҩытәыҩса изинқәа  - ҳаиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу аҧыжәарақәа иреиуп

«2012 шықәса жьҭаара 1 азы имҩаҧгаз апарламенттә алхрақәа раан Қырҭтәыла ауааҧсыра аадырҧшит атәылаҿы арадикалтә аиҭакрақәа шырҭаху, ауаҩытәыҩса изинқәеи ихақәиҭрақәеи рыхьчара ҳаиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу аҧыжәарақәа иреиуп», — иануп аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, атәыла аиҳабыра, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы, еилых рымҭакәа, ирзеиҟароу, зхы иақәиҭу, иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара иазҿлымҳауп.

«Атәыла аиҳабыра, Қырҭтәыла ауааҧсыра зегьы, еилых рымҭакәа, ирзеиҟароу, зхы иақәиҭу, иахәҭоу аҭагылазаашьақәа рзеиқәыршәара иазҿлымҳауп, избанзар,  адемократиатә ҳәынҭқарра аргыларазы зда ҧсыхәа иҟам аҭагылазаашьақәа иреиуп агәыҧқәа зегьы ринтересқәеи рзинтә статуси ахьчара.

Қырҭтәыла анапхгара, атәыла ауааҧсыра ртәылауаҩратә ҭаххара аарҧшреи аҿиареи апрогресси рзы алшареи еиқәдыршәоит.

Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп  ҳуааҧсыреи жәларбжьаратәи ҳпартниорцәеи рыцхыраарала апроблемақәа зегьы рҭыҧқәҵареи, атәыла адемократиатә аҿиара арласреи, евроатлантикатә структурақәа рахь аинтеграциеи шҳалшо», — иазгәаҭоуп аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭаҿы.