Иракли Ҕарибашвили – Аҩадаатлантикатә алианс Қырҭтәыла аҭышәынтәалара арҕәҕәара иалахәып, ҳара НАТО аҟны аусеицура арҭбаара ҳазыхиоуп
Иракли Ҕарибашвили – Аҩадаатлантикатә алианс Қырҭтәыла аҭышәынтәалара арҕәҕәара иалахәып, ҳара НАТО аҟны аусеицура арҭбаара ҳазыхиоуп

«Лабҿаба иубарҭахеит ҳаамҭазтәи агибридтә еибашьра иахылҵыз ауадаҩрақәа рыҿагыларазы азеиҧш ҽазышәарақәеи ҳпартниорцәа рыдгылареи шаҭаху. Абри аконтекст аҿы аҵакы ду амоуп  ҳаҧхьаҟа алианс астратегиатә концепциазы шьаҭас иҟало,   2030 шықәсатәи асаммит аҿы излацәажәо аусхәаҧштә 2021 шықәсатәи НАТО асаммит аҿы хшыҩзышьҭра азура», — иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бриуссель имҩаҧысуа афорум аҿы ааҧхьара аныҟаиҵоз,  иара адудеи алидерцәа рыгәҭа абри ауснагӡатә далахәып.

Аиҳабыра рнапхгаҩы  иажәақәа рыла,  алшарақәа рмодернизациа,  аколлективтә хыхьчара арҕәҕәара,  алианс аҳәаақәа ирҭагӡаны иҭышәынтәалоу аҿиара ахықәкқәа аус рыдулара,  апартниорцәа рҭышәынтәалара адгылара уҳәа,  абарҭ азҵаарақәа 2030 шықәсатәи асаммит адокументқәа рҿы ахадаратә ҵакы роуеит.

«Иара убас,  ҳара Аҩадаатлантикатә алианс иаарту ашәқәа аполитика аиҭашьақәыргылара ҳадгылоит,  уи адокумент аҿы иарбоу абжьагарақәа иреиуп. Анеҩстәи ашықәсқәа рзы абри аполитика ахатә актуалра амазаауеит ҳәа ҳгәыҕуеит. Кыршықәса рыҩнуҵҟа алианс Қырҭтәыла иҭышәынтәалоу аҿиара апроцесс иацхраауан. Ҳара абри ахырхарҭала НАТО аҟны аусеицура арҭбаара ҳазыхиоуп.  Иахьазы аусхәаҧштә иалоуп Қырҭтәыла-аспирант азы зҵакы дуу азҵаара,  избанзар ҳара НАТО алаларазы ҳҽазыҟаҳҵоит.  Апартниор цыҧхьаӡа шаҟа дыҕәҕәазаауа,  Аҩадаатлантикатә алиансгьы убри аҟара иҕәҕәазаауеит. Уи аҭынчра бзиа избо амилаҭқәа рпринципқәа рыхьчара иазку ақәҧараҿы аиааира ҳзаазго мҩа заҵәуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.