Иракли Ҕарибашвили – Атәылеи ажәлари ринтересқәа зыхьчо аполициа ҕәҕәа - ҳҳәынҭқарра амчи апрогресс аиқәыршәареи азы зда ҧсыхәа иҟам ҭагылазаашьоуп
Аполициа амш инамаданы имҩаҧгаз ауснагӡатә аҿы аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили, аполициа аусзуҩцәеи Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистри Аполициа амш рыдиныҳәалеит.
«Ақырҭуа полициа сгәы аздууп, ҳполициа абас иахьеиҿкаау сгәы аздууп. Иахьа, ҳтәылеи, ҳажәлари, ҳаиҳабыреи ҳаамҭазтәи европатәи аҳәынҭқарра аҧҵара амзызла ҳҳәынҭқарра арҕәҕәара ианаҿу, згәыдурала иҳҳәар ҳалшоит ззанааҭдырра ҳараку, европатәи астандартқәа ирышьашәалоу, ҳаамҭазтәи аполициа шҳамоу. Ҳәарада, уи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаҧгаз ареформақәа ирыбзоуроуп», — иҳәеит аҧыза-министр.