Иракли Ҕарибашвили - Атәылаҿы изакәызаалак аҩбатәи афронт, изакәызаалак еибашьрак ҟалом
Иракли Ҕарибашвили иҳәамҭала, атәылаҿы аҿиареи, ашәҭыкакаҷреи, аҭынчреи ҟалоит.
Иара иажәақәа рыла, атәыла хынтә Урыстәыла иабашьхьеит, убри ашьҭахь атәылаҿы импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ҟалеит.
«Абри зегьы цқьа ҳазымхәыцыр, аҭакҧхықәрадатә риторикеи ауранагӡареи наҳагӡар, ҳәарада, аҭагылазаашьа цәгьахоит, аха, ҳара уи азы азин раҳҭом. Ҳара ауааҧсыра аҭынчра рзеиқәҳаршәоит. Атәылаҿы изакәызаалак аҩбатәи афронт, изакәызаалак еибашьрак ҟалом, ҳтәылаҿы аҿиареи, ашәҭыкакаҷреи, аҭынчреи ауп иҟало», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.