Иракли Ҕарибашвили - Ацивилизациа злоу Европеи, хаҭала ҳаҭыр зқәу Шарль Мишели даараӡа ирҭахуп ҳара, атәыла анапхгара, аоппозициаа ҳаваргыланы, апарламент аҿы аусура наҳагӡарц, абри ауп дара хықәкыс ирымоу
Ацивилизациа злоу Европеи, хаҭала ҳаҭыр зқәу Шарль Мишели даараӡа ирҭахуп ҳара, атәыла анапхгара, аоппозициаа ҳаваргыланы, апарламент аҿы аусура наҳагӡарц, абри ауп дара хықәкыс ирымоу, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Бриуссель ивизит аан ажурналистцәа данырҧылоз.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, абри аҭагылазаашьа ӡбашьак арҭароуп, аха, аҳәынҭқарратә интересқәа рхарџьла уи зыҟалом.
„Иахьа ахада Шарль Мишели сареи хырҳагара злоу аиҧылара мҩаҧаагеит. Иара даҽазнык ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп амедиациа апроцесс хаҭала дахьалахәы азыҳәан. Ихатә хаҭарнак уажәы Қарҭ дыҟоуп, аоппозициааи ҳпартиа ахаҭарнакцәеи рҟны аиҿцәажәарақәа мҩаҧигоит. Апроцесс инагӡоит. Уаҵәгьы адиалог амҩаҧгаразы алшара ҳамазаауеит. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп – ҳара абри аҭагылазаашьа ҳазлалҵша мҩак ҳаҧшаар ҳҭахуп, аха, аҳәынҭқарра аинтересқәа рхарџьла уи зыҟалом. Ҳәарада, ҳара аӡбара ииаша адкылара ҳазхиоуп. Уи аганқәа зегьы изықәшаҳаҭхаша компромиссзароуп. Ҳара иаартны, аргама ҳпозициа ааҳарҧшит. Сара, ҳпартиеи ҳаиҳабыреи рыхьӡала, ҳаҭыр зқәу Шарль Мишель ҳгәаанагара иасҳәеит, ҳәарада, иара ихшыҩ азышьҭны ҳажәалагалақәа дырзыӡырҩит. Ишыжәдыруа ала, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы, аоппозициаа адеструктивтә хымҩаҧгашьала, адиалог апроцесс иаҧырхагахарц рҽазыркит. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы абри аҩыза иакымкәа аҽазкрақәеи иакымкәа апровокациақәеи аабеит. Аоппозициаа аконструктивтә диалог нарыгӡап ҳәа сгәыҕуеит. Ацивилизациа злоу Европа, хаҭала Шарль Мишельгьы даараӡа ирҭахуп ҳара, атәыла анапхгара, аоппозициаа ҳаваргыланы, апарламент аҿы аусура наҳагӡарц, абри ауп дара хықәкыс ирымоу. Абри ауп ҳаргьы ҳасабтәс иҳамоу. Иааиуа амшқәа рзы иубарҭахоит ари ахықәкы анагӡара иахьынӡаҳалшо. Иконкрету апозициақәа рыхцәажәара сҭахым, избанзар аиҿцәажәарақәа макьана ихыркәшам”, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.