Иракли Ҕарибашвили Ацентртәи Мрагыларатәи Европа арегионаҿ аилахәыра Veolia group анагӡаратә авице-ахада диҧылеит
Иракли Ҕарибашвили Ацентртәи Мрагыларатәи Европа арегионаҿ аилахәыра Veolia group анагӡаратә авице-ахада диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Ацентртәи Мрагыларатәи Европа арегионаҿ  аилахәыра Veolia group анагӡаратә авице-ахада Филипп Гуитард диҧылеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа аенергетикеи, ацәынхақәа рхылаҧшреи, аӡылеиқәыршәареи ахырхарҭала аусеицуразы иҟоу алшарақәа ирылацәажәеит. Ари аилахәыра Қырҭтәыла еиуеиҧшым аинфраструктуратә проектқәа аҧара ралаҵара иазҿлымҳауп.

Афранцыз еилахәыра Veolia group адунеи атәылақәа рацәа рҿы аенергетикеи, ацәынхақәа рхылаҧшреи, аӡылеиқәыршәареи ахырхарҭала аус ауеит.