Иракли Ҕарибашвили ашеих  Наҳиан Мубарақ Аль-Наҳиан диԥылеит
Иракли Ҕарибашвили ашеих  Наҳиан Мубарақ Аль-Наҳиан диԥылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Иеиду Араҧтәи Емиратқәа атолерантреи аицынхареи азҵаарақәа рзы аминистр, Қырҭтәыла имҩаҧгоу, зегьы реиҳа идуу аинвестициа зтәу ашеих  Наҳиан Мубарақ Аль-Наҳиан диҧылеит.   

 Аганқәа рхаҭарнакцәа ҩ-тәылак русеицура ахадаратә хырхарҭақәеи наҟ-наҟ аусеицура арҭбаара аперспективақәеи ирылацәажәеит. 

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Иеиду Араҧтәи Емиратқәа – уадзыҧхьало акоммерциатәи, ахәаахәҭратәи, атехнологиатәи центруп. 

Аофициалтә аиҧылара ашьҭахь, ашеих Наҳиан Мубарақ Аль-Наҳиан  Иракли Ҕарибашвили аусуратә шьыбжьхьаҿы дидикылеит. 

Ашеих Наҳиан Мубарақ Аль-Наҳиан Қырҭтәыла иалеиҵеит 150 миллион адоллар аинвестициа.