Иракли Ҕарибашвили – Ақырҭцәа азеиҧш европатәи апринципқәа ирызгәыкуп, ҳтәыла европатәи аперспектива анашьарала, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҳамаз апрогресс азхарҵеит, ҳара уи иҳаракны ахә ҳшьоит
«Австриа аканцлери ҳареи ҳаззааҭгылаша ахадаратә хырхарҭа ҳалацәажәеит, избанзар, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ҳара, аекономиика, ахәаахәҭра, ашәарҭадара уҳәа, ахырхарҭақәа зегьы рыла ҳпартниорра арҭбааразы апотенциал ду ҳамоуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили Австриа аканцлери иареи реиҧылара ашьҭахь имҩаҧгаз абрифинг аҿы.
Иракли Ҕарибашвили ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла, Австриаҟны аиҩызареи аусеицуреи иҳаракны ахә ршьоит.
Иара иажәақәа рыла, уажәы Қырҭтәыла крызҵазкәа аамҭа иҭагылоуп, атәыла Европатәи Ахеилак аҟынтә иаиуз 12 абжьагарақәа рынагӡара иалагоит.
«Ҳара ари апроцесс ашҟа аиҳабыра мацара ракәымкәа, аоппозициатә партиақәеи атәылауаҩратә сектори рыдыҧхьалара аинициативала ҳақәгылеит, избанзар, ари апроцесс аинклиузивтә ҟазшьа амазароуп, ҳпартниорцәа уи азы ажәа раҳҭоит.
Ҳара ашәарҭадара аганахьала апроблемақәа ҳамоуп, уи ампыҵахалара иадҳәалоуп. Ҳтәыла хәҭак иахьагьы импыҵахалоуп, импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рҿы аҭагылазаашьа цәгьоуп. Украина имҩаҧысуа ахҭысқәа даараӡа ҳаргәамҵуеит, ҳара 2008 шықәсазы абри зегьы ҳахысхьеит, Урыстәылаҟны зымҽхак дууз аибашьра ҳаман. Даҽазнык иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, аганқәа зегьы аибашьра ахыркәшара иазҿлымҳазароуп. Аҭынчра альтернатива амам, ҳара аибашьра аанкылареи, аҭынчреи аҭышәынтәалареи аиҭашьақәыргылареи азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп», — иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.