Иракли Ҕарибашвили - Ақырҭуа жәлар мшаҧы 14 ақырҭуа бызшәа мшыс алырхит, ахатәы бызшәа ҳара ҳзы амилаҭ аҟазаареи, акзаареи, аӷәӷәареи ирсимволуп
Ҳбызшәа ҳара ҳзы амилаҭ аҟазаареи, акзаареи, аӷәӷәареи ирсимволуп, – иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр ақырҭуа бызшәа амш инамданы иҟаиҵаз аҳәамҭа аҿы.
Аԥыза-министр ишазгәеиҭаз ала, ақырҭуа жәлар мшаҧы 14 ақырҭуа бызшәа мшыс алырхит.
“Сынтәа 45 шықәса ҵит 978 шықәса мшаҧы 14 рзы ахҭысқәа ҟалеижьҭеит. Усҟан Асоветтә напхгара аконституциа ашьаҭала ақырҭуа бызшәа астатус аԥыхра ргәы иҭан, аха апрецедент змамыз аҭынчратә манифестациа ала, ақырҭуа милаҭ ахатәы бызшәазы ақәԥараҿ аиааира агеит. Асоветтә Еидгыла аҭоурых аҿы арежим аиааира уаанӡа апрецедент амамызт.
Ақырҭуа жәлар мшаҧы 14 ақырҭуа бызшәа мшыс алырхит.
Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәеит Аҳәынҭқарратә бызшәа жәашықәсатәи астратегиа, уи ақырҭуа бызшәа ахьчареи аҿиареи иацхраауеит”, -иануп Қырҭтәыла аҧыза-министр иҟаиҵаз аҳәамҭаҿы.