Иракли Ҕарибашвили - Ақырҭуа дипломатцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәамш рыдысныҳәалоит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ақырҭуа дипломатцәа рзанааҭтә ныҳәамш — Ақырҭуа дипломатиа амш рыдиныҳәалеит.
«Ақырҭуа дипломатцәа зегьы рзанааҭтә ныҳәамш – Ақырҭуа дипломатиа амш рыдысныҳәалоит!
Абри арыцхә ауаажәларратә усзуҩ ду, ақырҭуа милаҭ ревропатәи идеиа афлагман – Сулхан-Саба Орбелиани ихьӡ иадҳәалоуп. Згәыдурала иҳҳәар ҳалшоит иахьа ақырҭуа дипломатцәа ҳазхылҵыз ауаа дуқәа рмиссиа қәҿиарала ишынарыгӡо, уажәтәи иуадаҩӡоу аамҭазы адунеи зегьынџьара Қырҭтәыла аинтересқәа шырыхьчо, дара ҳтәыла аҿиареи аҭышәынтәалареи аиқәыршәара аус аҿы зҵакы дуу алагала ҟарҵоит.
Иахьа, ҳтәыла, зеиҧшҟамлац ала, ибзиаӡоу апрофессионалцәа, зтәыла иазгәыку адипломатцәа аҭахуп. Ишәзышьақәсырҕәҕәар сҭахуп хаҭала сареи ҳаиҳабыреи ҳтәыла мышхәыбзазара азаагара иазку шәусураҿы ҕәҕәала ҳашшәыдгыло», — иҳәеит аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.