Иракли Ҕарибашвили – Аполициа ақәлара аӡәгьы ианаҳажьуам
Иракли Ҕарибашвили – Аполициа ақәлара аӡәгьы ианаҳажьуам

 

«Аполициа ақәлара аӡәгьы ианаҳажьуам,  ҳара абри аҩыза афактқәа ҳҽанраалараны ҳаҟам, уи ацәаҳәа ҟаҧшьуп, ари ацәаҳәа анҭыҵ акомпромисс зыҟалом», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы хәажәкыра 7-9  рзы имҩаҧгаз акциа аан аполициа аусзуҩ иқәларазы ахара зду  Лазаре Григориадис данилацәажәоз.

Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, иччиахаз, аекстремисттә оппозициа атәылаҿ аекономикатә азҳареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи рҭахым, атәылеи ауаа ршәарҭадареи  ҧырхага азаагаразы ирылшо зегьы ҟарҵоит.

«Зегьы ираҳаратәы, еилыккаа исҳәар сҭахуп. Иахьа атәыла анапхгара ибзиаӡаны аус руеит, зеиҧшҟамлац ала иҕәҕәоуп.  Ҳара аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, аекономикатә азҳара дуи ҳахьчоит, ари апроцессаҿ аӡәгьы дзаҳҧырхагахом. Араҟа ҳмилаҭтә интересқәа роуп ҳазлацәажәо,  ҳажәлари ҳтәылеи ринтерессқәа роуп ҳазлацәажәо, ҳәарада, ари ақәҧараҿы акомпромисс зыҟалом.  Иҟалаз афакт иааҧҵәаны ҳақәыӡбоит. Аполициа ақәларазы иаарҧшу, ахара зду ауааҧсыра зегьы ахьырхәра рыҭатәуп», — иҳәеит  Ираклий Ҕарибашвили.