Иракли Ҕарибашвили - Аполициа активла аус ауеит, амчылара иалахәыз ауаа зегьы аарҧшызаауеит, урҭ рызынтәгьы ахьырхәра роуеит
Иракли Ҕарибашвили - Аполициа активла аус ауеит, амчылара иалахәыз ауаа зегьы аарҧшызаауеит, урҭ рызынтәгьы ахьырхәра роуеит

Ажурналистцәа рықәлара ҟалом, ҳәарада, ҳара уи ҳақәыӡбоит, – иҳәеит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ажурналистцәа данрацәажәоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, амчылара иалахәыз ауаа зегьы аарҧшызаауеит, урҭ рызынтәгьы иахәҭоу ахьырхәра роуеит.

„Раҧхьа иргыланы ишәасҳәар сҭахуп, иацы иаабаз амчылара сзақәшаҳаҭхом, сара, аргама, абри афакт сақәыӡбар сҭахуп. Иаахҵәаны исҳәар сҭахуп, иацы иҟалаз афакт ҳзақәшаҳаҭхом.  Ажурналистцәа рықәлара, шәара шәықәлара ҟалом, сара аргама абри афакт сақәыӡбоит. Аполициа активла аус ауеит. Иахьа шьыжьымҭан 3-ҩык ааныркылеит, иацгьы, административтә аҧҟарала џьоукы аанкылан. Амчылара иалахәыз ауаа зегьы аарҧшызаауеит, урҭ рызынтәгьы ахьырхәра роуеит“, – иҳәеит Иракли Ҕарибашвили.