Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили APM Terminals анагӡаратә директор Кис Свендсен диҧылеит.
Аиҳабыра радминистарциаҿ имҩаԥгаз аиԥылараҿ Қырҭтәыла аиҳабыреи APM Terminals-и ирыбжьоу аусеицура иазааҭгылеит. Аганқәа ирыхәаԥшит Қырҭтәыла абаӷәазатәии алогистикатәи инфраструктура аҿиара аперспектива.
Иракли Ӷарибашвили иаҵшьны иазгәеиҭеит абаӷәазақәа раартызаареи ашәарҭадареи рҵакы, ари ахырхарҭала APM Terminals ароль ду амоуп. Аиԥылара рхы аладырхәит APM Terminals Poti анапхгаратә директор Хулиан Фернандес, вице-аԥыза, Қырҭтәыоа аекономика аминистр Леван Давиҭашвили.