Иракли Ҕарибашвили - Антиевропатәи, арадикалтә мчқәа астатус азҵаара рхы иадырхәоит аполиаризациа арҕәҕәаразы, европатәи ҳҩызцәа аполиаризациа аҵыхәҧҵәара рҭахыҵәҟьазар, Қырҭтәыла астатус арҭароуп
Иракли Ҕарибашвили - Антиевропатәи, арадикалтә мчқәа астатус азҵаара рхы иадырхәоит аполиаризациа арҕәҕәаразы, европатәи ҳҩызцәа аполиаризациа аҵыхәҧҵәара рҭахыҵәҟьазар, Қырҭтәыла астатус арҭароуп

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла акандидат астатус азы мап ацәыркыр, атәылаҿы аполиаризациа иаҳа иџьбарахоит.

Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак Џьозеф Боррели иареи еицымҩаҧыргаз апресс-конференциаҿы Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, европатәи ҳҩызцәа аполиаризациа аҵыхәҧҵәара рҭахыҵәҟьазар, Қырҭтәыла астатус арҭароуп.

«Абжьагарақәа анҳарҭа инаркны, аҵыхәтәантәи шықәсык иалагӡаны, аполиаризациа маҷымхеит, уи иаҳа иҕәҕәахеит ҳәа сгәы иаанагоит. Қырҭтәыла иҟоу арадикалтә мчқәа, ҷыдала ҧасатәи анапхгара, рхатә ҟазшьала, рхатә ҧышәала, зегьы реиҳа Европа иаҿагылоу мчуп ҳәа сгәы иаанагоит, дара ари апроцесс аҧырхагахара рҽазыркит. Дара роуп атәыла акандидат астатус анашьара азҵаарала ахәаахәҭра иаҿу.  Арадикалтә мчқәа ари азҵаара аилаҩынтәразы рхы иадырхәоит, атәыла акандидат астатус аиур рҭахым.

Убри аҟынтә, аиаша ҳҳәар, ҳтәыла акандидат астатус арымҭар, аполиаризациа иаҳа иџьбарахоит. Европатәи ҳҩызцәа Қырҭтәыла аполиаризациа аҵыхәҧҵәара рҭахыҵәҟьазар, агеополитика, аҭагылазаашьа, атәылаҿы имҩаҧысуа ареформақәа уҳәа, афакторқәа зегьы иазҧхьагәаҭаны, ашықәс анҵәамҭазы ҳтәыла акандидат астатус арҭароуп. Уи абзоурала ҳтәылаҿы аполиаризациа ҩынтә имаҷхоит. Сара абасоуп сгәы ишаанаго», — иҳәеит  Иракли Ҕарибашвили.