Иракли Ҕарибашвили  -  Америка ацҳаражәҳәаҩ илызку аҳәамҭақәа иаҳа аҽынкыларатә ҟазшьа рымзар сҭахуп
Иракли Ҕарибашвили  -  Америка ацҳаражәҳәаҩ илызку аҳәамҭақәа иаҳа аҽынкыларатә ҟазшьа рымзар сҭахуп

 

Апарламентаҿ данықәгылоз Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, хаҭала иареи аиҳабыреи ируалуп Америкеи Европеи рҟны аизыҟазаашьақәа рыхьчареи рырҕәҕәареи.

„Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҳасабала,   „Ақырҭуа гәахәтәы“ алидерцәа руаӡәы иаҳасабала еснагь исҳәоз даҽазнык аргама исҳәар сҭахуп  – хаҭала сареи ҳаиҳабыреи иҳуалуп ҳстратегиатә партниорцәа рҟны, Америкеи, Евроеидгылеи, европатәи аҳәынҭқаррақәеи рҟны аиҩызаратәи апартниортәи еизыҟазаашьақәа рыхьчареи иаҳа рырҕәҕәареи. Спозициа мариоуп, аҵакызаҵә амоуп.  Араҟа аспекулиациазы изакәызаалак мзызк иҟам.  Ҳареи Америкеи астратегиатә партниорра ҳабжьоуп. Арҭ аизыҟазаашьақәа иалагеит ҳтәыла ахьыҧшымра анаиуа ашьҭахь. Ҳәарада, сара изныкымкәа исҳәахьеит,  хаҭала сара   абри аҩыза аҳәамҭақәа сырзыразым. Америка ацҳаражәҳәаҩ илызкны  иҟаҵоу аҳәамҭақәа иаҳа аҽынкыларатә ҟазшьа рымзар сҭахуп.  Сара абас сгәы иаанагоит, уи сгәаанагароуп. Зҵаарак шәымазар,  ишәҳәа, аха, аҽынкылара апринцип аилагара ҟалом ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳтәыла дуум, аха, ҳажәлар даараӡа иҕәҕәоуп.  Ажәытәӡатә милаҭақәа ҳреиуп,  3 000 шықәсатәи аҭоурых ҳамоуп, ҳкультурала, ҳцивилизациала, ҳбызшәала, ҳдинхаҵарала, ҳара апрогмативтә шьаҿақәа ҟаҳҵароуп,  ҳполитика хшыҩкрала имҩаҧаагароуп. Абасоуп сгәы ишаанаго. Ҳгәыҧ ҧасатәи алахәылацәа ҽакала ргәы иаанагозар ҟалап, исықәшаҳаҭымзар ҟалап,  ауааҧсыра зегьы уи азыҳәан аконституциатә зин рымоуп. Убри аҟынтә, аӡәы дахьҳархәыр ҟалом, ауаҩы цыҧхьаӡа ихатә гәаанагара имоуп.  Ҳаицәажәап, адебатқәа мҩаҧаагап, еиуеиҧшым ҳгәаанагарақәа еибаҳҳәап, аха, абас ауаҩы иаҳаҭыр аларҟәра ҟалом. Ҳара аҭынчра ашьақәыргылара ҳазҿлымҳазароуп“, – иҳәеит аҧыза-министр.