Иракли Ҕарибашвили  Америкатә анапхгареи ауаажәлари Америка Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит
Иракли Ҕарибашвили  Америкатә анапхгареи ауаажәлари Америка Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили  Америка анапхгареи ауааҧсыреи Америка Ахьыҧшымра амш рыдиныҳәалеит.

«Ахьыҧшымра амш аҽны Америка аиҳабыреи америкауааи абри зҵакы дуу амилаҭтә ныҳәамш рыдысныҳәалар сҭахуп.

Қырҭтәылеи Америкеи реиҩызаратәи рпартниортәи еизыҟазаашьақәа рылагьы иубарҭоуп ҳара ҳзықәныҟәо апринципқәа шеиҧшу.

Америка — Қырҭтәыла аҿиареи апрогресси ҷыдала иадгыло тәылоуп. Америкатә ҳҩызцәа абри аҩыза адгылареи кыршықәса рыҩнуҵҟа ишьақәҳаргыло иҿырҧшыгоу аизыҟазаашьақәеи рзы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп.

Америкауаа даҽазнык Ахьыҧшымра амш рыдысныҳәалоит. Ашәҭыкакаҷреи, апрогресси, ақәҿиарақәеи шәзеиҕьасшьоит», — иануп Қырҭтәыла Аҧыза-министр иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.