Иракли Ҕарибашвили - Амедаиаҳәшьа қәыҧш лыҧсра - арыцҳара дуӡӡоуп
«Амедаиаҳәшьа қәыҧш Меги Бақраӡе лыҧсра даараӡа сгәы иалсит», — иҩит Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили асоциалтә аҳа «Феисбуқ» аҿы.
Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҩыз ала, ауааҧсыра зегьы абри арыцҳара ргәаҿынӡа инаргеит, ажәлар даараӡа ргәы далсит.
«Ҳазынтәгьы арыцҳара ду ҳақәшәеит, инеизакны Қырҭтәыла зегьы ааха ду аиуит. Ҳҳақьымцәа аколлега қәыҧш дырцәыӡит. Уи лхы дамеигӡакәа, апандемиа даҿагыланы, ҳтәылауаа ргәабзиара лыхьчон.
Лҭаацәареи, луацәеи, амедицинатә уаажәларреи гәыкала срыдашшылоит», — иҩит Иракли Ҕарибашвили асоциалтә аҳаҿы.