Иракли Ҕарибашвили алегендартә ақырҭуа сопрано  Медеиа Амиранашвили лыҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит
Иракли Ҕарибашвили алегендартә ақырҭуа сопрано  Медеиа Амиранашвили лыҧсра иадҳәаланы адашшылара ҟаиҵеит

«Қырҭтәыла жәлартә актистка, алегендартә ақырҭуа сопрано Медеиа Амиранашвили лыҧсра даараӡа сгәы иалсит.

Медеиа Амиранашвили ақырҭуеи европатәии аоператә музыка зеиҧшыҟамыз анагӡаҩцәа дреиун, лыҧсҭазаара зегьы ақырҭуа музыкатә ҟазара аларҵәара иазылит. Убри азоуп аопера абзиабаҩцәеи аҟазаратә усзуҩцәа лара ҷыдала бзиа дзырбоз, ҳаҭыр злықәырҵоз.

Лҭаацәареи луацәеи ргәырҩа рыцеиҩысшоит, лзыӡырҩцәа гәыкала бзиа ирбоз ашәаҳәаҩ лыҧсра иадҳәаланы срыдасшшылоит», — иануп адашшылараҿы.

Асопрано Медеиа  Амиранашвили 93 шықәса дшырҭагылаз лыҧсҭазаара далҵит.

.